Вход на сайт

Просмотр новости

Найдите то, что Вас интересует

"Ааха дадыргеит": аибашьҩы Ашот Атиан иҭоурых

Дата публикации: 04-10-2026 22:29:39

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, аԥсадгьыл ахьчара рҽазыркуеит аԥсуаа рыдагьы, аиашара иадгыло, ари атәыла гәык ала бзиа избо аерман милаҭ ахаҭарнакцәа аӡәырҩы. Урҭ рыгәҭа дыҟан, иахьагьы патриотк иаҳасабала аибашьра аветеранцәа дрылагылоуп Гагра ақалақьуаҩ Ашот Мелик-иԥа Атиан.

Основное содержимое страницы с новостью.

https://sputnik-abkhazia.info/20261005/aakha-dadyrgeit-aibashy-ashot-atian-iourykh-1066139283.html

"Ааха дадыргеит": аибашьҩы Ашот Атиан иҭоурых

"Ааха дадыргеит": аибашьҩы Ашот Атиан иҭоурых

Sputnik Аҧсны

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, аԥсадгьыл ахьчара рҽазыркуеит аԥсуаа рыдагьы, аиашара иадгыло, ари атәыла гәык ала бзиа избо аерман милаҭ ахаҭарнакцәа... 05.10.2026, Sputnik Аҧсны

2026-10-05T01:29+0300

2026-10-05T01:29+0300

2026-10-05T09:12+0300

аԥсны

аналитикеи аиҿцәажәарақәеи

аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/05/1066139510_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_bef35228e20c0f4c97b2909b81ad17b9.jpg

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, аԥсадгьыл ахьчара рҽазыркуеит аԥсуаа рыдагьы, аиашара иадгыло, ари атәыла гәык ала бзиа избо аерман милаҭ ахаҭарнакцәа аӡәырҩы. Урҭ рыгәҭа дыҟан, иахьагьы патриотк иаҳасабала аибашьра аветеранцәа дрылагылоуп Гагра ақалақьуаҩ Ашот Мелик-иԥа Атиан.Саида Жьиԥҳа, SputnikАԥсуа гвардиа иалаз Ашот Атиан, 18 шықәса ракәын ихыҵуаз дызланхоз аԥсуа милаҭ ихы рыдкыланы, иабдуцәа анышә иахьамадоу аԥсадгьыл ахьчара даназгылоз. Иара дышқәыԥшӡазгьы, ихы-иҿы макьана ахәыҷра шанубаалозгьы, ахацәа нагақәа даарываҟәало ихы мҩаԥигон. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз раԥхьатәи амш аҽны, арԥыс аҩны дыҟан, игәыла Грышьа Анқәаб ила ауп ишиаҳаз ақырҭцәа ҳтәыла ишақәлаз."Ҳгәыла Грышьа ҿиҭуеит, Ашот, ақырҭцәа ҳақәлеит, амобилизациа иалагеит ҳәа. Ажәа мобилизациа ахаан исмаҳацызт азы, канализациа иҳәаны исзеилымкааз џьысшьан, сан илызҿысҭит Грышьа ииҳәаз цқьа базҵаа ҳәа… Ҳабжьара зегьы аилауаҭырра иалагеит. Ҳавара инхоз Лиутик Бганба иаҳәатәуп иҟалаз рҳәан, иԥшаара сцеит. Иара амшын аҿы дызбеит, нас ҳаибарыҩуа аҩны ҳааин, ҳҽеидкыланы, Гагра ахадара ахыбра аҿаԥхьа ҳаизеит. Устәи аԥсшьарҭа ҩны "Украина" ҳцеит. Ахацәа аиҳарак бџьарс ирымаз ашәарыцага шәақьқәа ракәын. Сара — аҳәызба. Анаҩс, агвардиаҟны дҵаҟаҵаҩыс исымаз Ҭемыр Надараиа, абџьарқәа змоу автобус шәақәтәа ҳәа адҵа ҟаиҵеит. Сара маӡала автобус сҭалеит, аха Ҭемыр аҩныҟа сишьҭит", — аибашьра раԥхьатәи амш игәалаиршәоит Ашот Атиан.Мышқәак рышьҭахь, Ашот иҩыза ҷкәын даашьҭихын, машьынала ақалақь иалсны Цандрыԥшь ахырхарҭахь ицеит. Арԥыс еиликаар иҭаххеит ақалақь аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу, избанзар дзызҵаауаз иааигәара ԥсыуа хаҵак днымхеит."Цандрыԥшь ҳнаӡарц уамак шагмыз ҳгьежьит, избанзар ԥсы зхоу уаҩ дҳамбеит. Гагра амилициа аҟәша ҳаназааигәаха, ашҭа ахацәа рыхқәа ацаха шкәакәақәа акәыршаны аҭыҵра иаҿын. Азнык азы ахәцәа ракәыз џьаҳшьеит. Нас рмашьынақәа ирықәтәаны рҿанынарха, ҳаргьы ҳрышьҭалеит аԥсуаа роуп ҳәа. Аха ҳраԥысуашәа анырба, ҩ-цәаҳәакны иаангылан, автоматқәа кны иааҳҿагылеит, "шәызусҭцәада, шәызҳашьҭои" ҳәа. Рцәажәашьа анҳаҳа, ақырҭцәа шракәыз еилаҳкааит. Ҳмашьына агәаҭара ианалага, агвардиа сшалаз атәы аршаҳаҭга рбар ҳәа сшәеит, аха рылаԥш иҵамшәеит. Анцәа срыцҳаишьеит… Макьанагьы ҳаурыжьуамызт, руаӡәи, исыцыз аҷкәыни еибамдыруазгьы", — иажәа иациҵоит аветеран.Арԥыс аҩны даннеи, игәыла Лиутик дибеит. Уи маӡала, Ԥсахарантәи аџьықәреиҭрақәа дырҭысны дааит, аҩнынтә иигарц ииҭахқәаз еидикыларц.Ашот Атиан иҩнаҟны зҽызҵәахуаз ауаа рацәаҩын. Аха иара ргәы рҽаниҵеит, ишшәарҭоу араҟа аангылара, избанзар аԥсуа гвардиа дшалоу знымзар зны акырҭцәа еилыркаауан, нас зегьы рыԥсҭазаара ашәараҭара иҭагылон. Ус мышқәак ааҵуаны иааит Ашот дыззыԥшыз…"Автоматқәа кны, ладеи-ҩадеи сыҩны иакәшаз ақырҭцәа рхыԥхьаӡара уажәыгьы исыздыуам, убас ирацәаҩын. Схы сҩахаанӡа рнапаҟны сҟалеит. Ашҭа инаркны, ампыл еиԥш сшеигәыдырҵоз, автоматқәа рыла ишсысуаз агәарбжьарала амҩахь ҳкылсит. Уаҟа амашьына сҭадыртәан ишсысуаз ҳдәықәлеит. Ашәқәа аартны ԥшьаала ицон, адәы иқәыз зегьы ираҳаратәы рыбжьы ҭыганы сганахь ицәҳауан, автомат адагьы аҳәызбала исысуан. Ус ҳнаӡеит амилициа аҟәшаҟынӡа. Акабинет ҳаныҩналагьы сыԥҟара иаҟәымҵӡеит. "Уара ақырҭцәа зҭаз автобус уақәланы, аҳәса ишакәым урызныҟәон" ҳәа ахҭҳәаақәа рҳәо иалагеит. Сыла ахьҭо умбо сырҟәаҟәеит, свакьыцқәа ԥырҵәеит. Сыԥсы маҷханы санрымпыҵаха, исҿасуа салхны еиҭа сыԥҟара иалагеит. Аҵыхәтәан ахьаа сныруамызт, иансысуаз ашьҭыбжьқәа заҵәык ракәын исаҳауаз. Анаҩс сырҳәазаны амашьынахь сыргеит сыршьуеит ҳәа. Аха реиҳабы дааҳахҭыгәлан, скабинет ахь дыжәга ҳәа реиҳәеит. Иареи сареи ҳанеизынха, иухьзеи ҳәа дсазҵааит изымдыруазшәа… Скаҳаит сҳәеит саргьы. Аҳаирплан аҟнытә укаҳама ариаҟара ашьа уаганы иҳәан, Лиутик Бганба ихабар дазҵаауа далагеит. Сара иахьынӡаздыруа дҭахеит ҳәа иаҭаскит, ус ацәажәарақәа цон аҟынтә, иара мап, иԥсы ҭоуп иҳәан, уаҳа дысмацәажәакәа акамерахь сыргаратәы адҵа ҟаиҵеит", — ихигаз ауадаҩрақәа дрылацәажәоит Ашот.Акамераҟны Ашот хымш асаара дышьҭан, ивакьыцқәа ԥҵәан аҟынтә, иԥсыԥ аивгара ицәыуадаҩын. Иԥсы ихыҵуеит ада хәыцырҭа имамызт. Убри аамҭазы аҳәаанырцәынтәи акорреспондентцәа Гагра иааны иҟазаарын. Дара азин роуит ахҵәацәа рыҿцәажәаразы. Ҽнак акамера ашә аартны ажурналист дыҩналеит."Ажурналист, ашьа саганы, сыбжьы цаны сахьылбаз амилициа аҟәша аиҳабы ицәымыӷхеит. Аха иҟаиҵарызеи. "Арахь шәзааргеи" анылҳәа, акоменданттә аамҭа еилазгеит сҳәеит. Сара аиаша садгылаҩуп аха, лара дцоит сара саанхоит, нас сыргәаҟны сыршьуеит, уи азы амцҳәара салагеит. "Ашьа шәаганы шәеилаԥыхха шәзыҟои" ҳәа аҩбатәи азҵаара ансылҭа, сҩызцәа арыжәтәжәыҩцәеи сареи ҳаисит ҳәа ласҳәеит. Ажәакала, ажурналист дандәылҵ, амилициа аҟәша аиҳабы сыбӷа днасит сҭакқәа шигәаԥхаз сырдыруа. Уи ашьҭахь, ақалақь уалҵыртә еиԥш азин усҭоит иҳәеит. Дара рҟны аус зуаз, ибзианы сыздыруаз ерман хаҵак анапынҵа ирҭан, Ԥсоу аҳәаа аҟынӡа сигеит", — еиҭеиҳәоит аветеран.Ашот Атиан, Гагра ахы ианақәиҭха Аԥсныҟа дааит. Уи аамҭазы дҭахахьан гәык ала бзиа иибоз игәыла Лиутик Бганба. Ашот игәаҟны ацәымӷра иит. Ашьоура дазгәышьуа Гәымсҭатәи афронт ахь дцеит. Дрылахәын ианвартәи, марттәи ажәыларақәа, Шроматәи аоперациа."Ешыра саннеи Важьик Аибеи, Виталик Аибеи, Заза Бганбеи, Емик Чакмачи, Бесик Цкәыиеи, Емзар Амԥари анызба сгәырӷьеит. Дара сашьцәа еиҳабацәа реиԥш исыԥхьаӡон. Уаҟа сара сахәҭакхеит Амиран Берзениа дҵаҟаҵаҩс дызмаз аҩбатәи адесанттә-ақәыларатә баталион. Анаҩс сиаргоит Рома Аҩӡба иԥшыхәратә ротахь. Ԥхынгәымзазы, Шроматәи аоперациаан ахьарԥшратә маана ҳалахәын. Ҳаҷкәынцәа Шромантәи Каман ихалар акәын. Аӷацәа рымчқәа алада идырхарц азы, гәыԥҩык ҳаруаа аӡиас ируеит. Ҳара ацхыраара раҳҭарц аԥсуа ган ала ҳарзыԥшын. Убасҟан ӷәӷәала иҳалахысит. Иҭахаз рахьтә уажәы сыла ихгылоуп Ныгәзар Ақаҩбеи, Тарас Џьыкырбеи, Тарас Чачибаиеи, Никәала захьӡыз урыс хаҵаки. Ԥхынгәы 22 рзы, Аҳбҩык ахәыҳаракыраҟны сырхәит. Сыхәдаџьал ахы алҟьаны ицеит. Афонҿыцтәи агоспиталь аҟны сԥырҟеит. Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥысуаз аҵыхәтәантәи ажәылараан, сшьапы сықәгыло салагеит. Ҳачқәынцәа ақалақь ианалала, Џьамал Булиеи сареи ҳрыхьӡеит. Мышқәак рышьҭахь Аԥсны ахи-аҵыхәеи аӷа далцахеит. Уи амш сара сгәы иҭазаауеит сҩызцәеи сареи ҳшьа анаҳуыз иамшны", — иҳәоит аветеран.Ашот Атиан изы аибашьра иацҵахеит Гал араион аҟны. Иара аҳәааҿы аҳазалхырҭаҟны аус иуан. Иҩызцәеи иареи апартизанцәа ирабашьуан. Рмашьынагьы афугас аҵаҵаны иԥыржәахьан. Усҟан иҭахаз ҟалеит, аха Ашот Анцәа имчала иԥсы еиқәхеит. Гал араион аҟны Ашот амҩатә машәыр дақәшәоит. Уи иахырҟьаны ихәдаџьал иаиухьаз ахәра аҽарцәгьоит. Иахьа аиара дамоуп, актәи агәыԥ аинвалид ҳәа дыԥхьаӡоуп. Уахи-ҽни Ашот дихылаԥшуеит 20 шықәса зхыҵуа иԥа.Аибашьра аветеран игәы далоуп Гал аус ицызуаз иҩыза Аслан Ҭырқьба. "Иаргьы сара сеиԥш динвалидуп" ҳәа дқәыԥсычҳауа, ирхыргахьаз арыцҳарақәа игәалаиршәоит. Ашот Атиан иоухьаз аахақәеи, ихәреи ирхырҟьаны агәамбзиарақәа рацәаны имоуп. Илымҳа цқьа иаҳаӡом, агәхашҭра имоуп. Иареи сареи ҳаицәажәонаҵы, зыхьӡқәа игәаламшәаз рацәаҩхеит, уи азы аҭамзаара шьҭаиҵоит.Ашот Атиан ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.

https://sputnik-abkhazia.info/20231002/azhylara-rakhati-amsh-gagra-akhaitraan-iakhaz-aibashy-vasili-bazba-izkny-1048410723.html

https://sputnik-abkhazia.info/20261002/asharytsaga-shala-gagra-airtsuan-aibashy-adamyr-khagysh-iourykh-1066090627.html

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

252

60

2026

Саида Жьиԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png

Саида Жьиԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png

Ажәабжьқәа

ab_AB

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

252

60

1920

1080

true

1920

1440

true

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/05/1066139510_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_3e06353c1974e314eb725008b051cecb.jpg

1920

1920

true

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

252

60

Саида Жьиԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png

аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса

аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, аԥсадгьыл ахьчара рҽазыркуеит аԥсуаа рыдагьы, аиашара иадгыло, ари атәыла гәык ала бзиа избо аерман милаҭ ахаҭарнакцәа аӡәырҩы. Урҭ рыгәҭа дыҟан, иахьагьы патриотк иаҳасабала аибашьра аветеранцәа дрылагылоуп Гагра ақалақьуаҩ Ашот Мелик-иԥа Атиан.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсуа гвардиа иалаз Ашот Атиан, 18 шықәса ракәын ихыҵуаз дызланхоз аԥсуа милаҭ ихы рыдкыланы, иабдуцәа анышә иахьамадоу аԥсадгьыл ахьчара даназгылоз. Иара дышқәыԥшӡазгьы, ихы-иҿы макьана ахәыҷра шанубаалозгьы, ахацәа нагақәа даарываҟәало ихы мҩаԥигон. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз раԥхьатәи амш аҽны, арԥыс аҩны дыҟан, игәыла Грышьа Анқәаб ила ауп ишиаҳаз ақырҭцәа ҳтәыла ишақәлаз.

"Ҳгәыла Грышьа ҿиҭуеит, Ашот, ақырҭцәа ҳақәлеит, амобилизациа иалагеит ҳәа. Ажәа мобилизациа ахаан исмаҳацызт азы, канализациа иҳәаны исзеилымкааз џьысшьан, сан илызҿысҭит Грышьа ииҳәаз цқьа базҵаа ҳәа… Ҳабжьара зегьы аилауаҭырра иалагеит. Ҳавара инхоз Лиутик Бганба иаҳәатәуп иҟалаз рҳәан, иԥшаара сцеит. Иара амшын аҿы дызбеит, нас ҳаибарыҩуа аҩны ҳааин, ҳҽеидкыланы, Гагра ахадара ахыбра аҿаԥхьа ҳаизеит. Устәи аԥсшьарҭа ҩны "Украина" ҳцеит. Ахацәа аиҳарак бџьарс ирымаз ашәарыцага шәақьқәа ракәын. Сара — аҳәызба. Анаҩс, агвардиаҟны дҵаҟаҵаҩыс исымаз Ҭемыр Надараиа, абџьарқәа змоу автобус шәақәтәа ҳәа адҵа ҟаиҵеит. Сара маӡала автобус сҭалеит, аха Ҭемыр аҩныҟа сишьҭит", — аибашьра раԥхьатәи амш игәалаиршәоит Ашот Атиан.

Мышқәак рышьҭахь, Ашот иҩыза ҷкәын даашьҭихын, машьынала ақалақь иалсны Цандрыԥшь ахырхарҭахь ицеит. Арԥыс еиликаар иҭаххеит ақалақь аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу, избанзар дзызҵаауаз иааигәара ԥсыуа хаҵак днымхеит.

"Цандрыԥшь ҳнаӡарц уамак шагмыз ҳгьежьит, избанзар ԥсы зхоу уаҩ дҳамбеит. Гагра амилициа аҟәша ҳаназааигәаха, ашҭа ахацәа рыхқәа ацаха шкәакәақәа акәыршаны аҭыҵра иаҿын. Азнык азы ахәцәа ракәыз џьаҳшьеит. Нас рмашьынақәа ирықәтәаны рҿанынарха, ҳаргьы ҳрышьҭалеит аԥсуаа роуп ҳәа. Аха ҳраԥысуашәа анырба, ҩ-цәаҳәакны иаангылан, автоматқәа кны иааҳҿагылеит, "шәызусҭцәада, шәызҳашьҭои" ҳәа. Рцәажәашьа анҳаҳа, ақырҭцәа шракәыз еилаҳкааит. Ҳмашьына агәаҭара ианалага, агвардиа сшалаз атәы аршаҳаҭга рбар ҳәа сшәеит, аха рылаԥш иҵамшәеит. Анцәа срыцҳаишьеит… Макьанагьы ҳаурыжьуамызт, руаӡәи, исыцыз аҷкәыни еибамдыруазгьы", — иажәа иациҵоит аветеран.

Арԥыс аҩны даннеи, игәыла Лиутик дибеит. Уи маӡала, Ԥсахарантәи аџьықәреиҭрақәа дырҭысны дааит, аҩнынтә иигарц ииҭахқәаз еидикыларц.

"Лиутик аҳәара исҭеит дахьцо саргьы сигарц. Уи аамҭазы иааиз Важьик Аиба, аԥсышәала ус иаиҳәоит, "ари дхәыҷуп уиҟәаҵ" ҳәа, аха сара еилыскааит. Лиутик сганахь дааԥшны дсылацәҟәит, "узгоит" ҳәа аанарго. Уи азы сгәы сырҭынчит. Сҽеидыскылоит ҳәа аҩныҟа сцеит. Хара имгакәа ажәҩан ихалеит "Вертушка" ҳәа изышьҭаз арҭҟәацгаршәга ҳаирплан. Аилауаҭырра аныҟала, Лиутики Важьики сзымԥшкәа ицеит. Абас ала еиҭа аҩны саанхеит", — иҳәоит аибашьра аветеран.

Ашот Атиан иҩнаҟны зҽызҵәахуаз ауаа рацәаҩын. Аха иара ргәы рҽаниҵеит, ишшәарҭоу араҟа аангылара, избанзар аԥсуа гвардиа дшалоу знымзар зны акырҭцәа еилыркаауан, нас зегьы рыԥсҭазаара ашәараҭара иҭагылон. Ус мышқәак ааҵуаны иааит Ашот дыззыԥшыз…

"Автоматқәа кны, ладеи-ҩадеи сыҩны иакәшаз ақырҭцәа рхыԥхьаӡара уажәыгьы исыздыуам, убас ирацәаҩын. Схы сҩахаанӡа рнапаҟны сҟалеит. Ашҭа инаркны, ампыл еиԥш сшеигәыдырҵоз, автоматқәа рыла ишсысуаз агәарбжьарала амҩахь ҳкылсит. Уаҟа амашьына сҭадыртәан ишсысуаз ҳдәықәлеит. Ашәқәа аартны ԥшьаала ицон, адәы иқәыз зегьы ираҳаратәы рыбжьы ҭыганы сганахь ицәҳауан, автомат адагьы аҳәызбала исысуан. Ус ҳнаӡеит амилициа аҟәшаҟынӡа. Акабинет ҳаныҩналагьы сыԥҟара иаҟәымҵӡеит. "Уара ақырҭцәа зҭаз автобус уақәланы, аҳәса ишакәым урызныҟәон" ҳәа ахҭҳәаақәа рҳәо иалагеит. Сыла ахьҭо умбо сырҟәаҟәеит, свакьыцқәа ԥырҵәеит. Сыԥсы маҷханы санрымпыҵаха, исҿасуа салхны еиҭа сыԥҟара иалагеит. Аҵыхәтәан ахьаа сныруамызт, иансысуаз ашьҭыбжьқәа заҵәык ракәын исаҳауаз. Анаҩс сырҳәазаны амашьынахь сыргеит сыршьуеит ҳәа. Аха реиҳабы дааҳахҭыгәлан, скабинет ахь дыжәга ҳәа реиҳәеит. Иареи сареи ҳанеизынха, иухьзеи ҳәа дсазҵааит изымдыруазшәа… Скаҳаит сҳәеит саргьы. Аҳаирплан аҟнытә укаҳама ариаҟара ашьа уаганы иҳәан, Лиутик Бганба ихабар дазҵаауа далагеит. Сара иахьынӡаздыруа дҭахеит ҳәа иаҭаскит, ус ацәажәарақәа цон аҟынтә, иара мап, иԥсы ҭоуп иҳәан, уаҳа дысмацәажәакәа акамерахь сыргаратәы адҵа ҟаиҵеит", — ихигаз ауадаҩрақәа дрылацәажәоит Ашот.

Васили (Феликс) Базба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2023

2 Жьҭаара 2023, 16:26

Акамераҟны Ашот хымш асаара дышьҭан, ивакьыцқәа ԥҵәан аҟынтә, иԥсыԥ аивгара ицәыуадаҩын. Иԥсы ихыҵуеит ада хәыцырҭа имамызт. Убри аамҭазы аҳәаанырцәынтәи акорреспондентцәа Гагра иааны иҟазаарын. Дара азин роуит ахҵәацәа рыҿцәажәаразы. Ҽнак акамера ашә аартны ажурналист дыҩналеит.

"Ажурналист, ашьа саганы, сыбжьы цаны сахьылбаз амилициа аҟәша аиҳабы ицәымыӷхеит. Аха иҟаиҵарызеи. "Арахь шәзааргеи" анылҳәа, акоменданттә аамҭа еилазгеит сҳәеит. Сара аиаша садгылаҩуп аха, лара дцоит сара саанхоит, нас сыргәаҟны сыршьуеит, уи азы амцҳәара салагеит. "Ашьа шәаганы шәеилаԥыхха шәзыҟои" ҳәа аҩбатәи азҵаара ансылҭа, сҩызцәа арыжәтәжәыҩцәеи сареи ҳаисит ҳәа ласҳәеит. Ажәакала, ажурналист дандәылҵ, амилициа аҟәша аиҳабы сыбӷа днасит сҭакқәа шигәаԥхаз сырдыруа. Уи ашьҭахь, ақалақь уалҵыртә еиԥш азин усҭоит иҳәеит. Дара рҟны аус зуаз, ибзианы сыздыруаз ерман хаҵак анапынҵа ирҭан, Ԥсоу аҳәаа аҟынӡа сигеит", — еиҭеиҳәоит аветеран.

Ашот Атиан, Гагра ахы ианақәиҭха Аԥсныҟа дааит. Уи аамҭазы дҭахахьан гәык ала бзиа иибоз игәыла Лиутик Бганба. Ашот игәаҟны ацәымӷра иит. Ашьоура дазгәышьуа Гәымсҭатәи афронт ахь дцеит. Дрылахәын ианвартәи, марттәи ажәыларақәа, Шроматәи аоперациа.

"Ешыра саннеи Важьик Аибеи, Виталик Аибеи, Заза Бганбеи, Емик Чакмачи, Бесик Цкәыиеи, Емзар Амԥари анызба сгәырӷьеит. Дара сашьцәа еиҳабацәа реиԥш исыԥхьаӡон. Уаҟа сара сахәҭакхеит Амиран Берзениа дҵаҟаҵаҩс дызмаз аҩбатәи адесанттә-ақәыларатә баталион. Анаҩс сиаргоит Рома Аҩӡба иԥшыхәратә ротахь. Ԥхынгәымзазы, Шроматәи аоперациаан ахьарԥшратә маана ҳалахәын. Ҳаҷкәынцәа Шромантәи Каман ихалар акәын. Аӷацәа рымчқәа алада идырхарц азы, гәыԥҩык ҳаруаа аӡиас ируеит. Ҳара ацхыраара раҳҭарц аԥсуа ган ала ҳарзыԥшын. Убасҟан ӷәӷәала иҳалахысит. Иҭахаз рахьтә уажәы сыла ихгылоуп Ныгәзар Ақаҩбеи, Тарас Џьыкырбеи, Тарас Чачибаиеи, Никәала захьӡыз урыс хаҵаки. Ԥхынгәы 22 рзы, Аҳбҩык ахәыҳаракыраҟны сырхәит. Сыхәдаџьал ахы алҟьаны ицеит. Афонҿыцтәи агоспиталь аҟны сԥырҟеит. Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥысуаз аҵыхәтәантәи ажәылараан, сшьапы сықәгыло салагеит. Ҳачқәынцәа ақалақь ианалала, Џьамал Булиеи сареи ҳрыхьӡеит. Мышқәак рышьҭахь Аԥсны ахи-аҵыхәеи аӷа далцахеит. Уи амш сара сгәы иҭазаауеит сҩызцәеи сареи ҳшьа анаҳуыз иамшны", — иҳәоит аветеран.

Адамыр Хагәышь - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2026

2 Жьҭаара, 12:57

Ашот Атиан изы аибашьра иацҵахеит Гал араион аҟны. Иара аҳәааҿы аҳазалхырҭаҟны аус иуан. Иҩызцәеи иареи апартизанцәа ирабашьуан. Рмашьынагьы афугас аҵаҵаны иԥыржәахьан. Усҟан иҭахаз ҟалеит, аха Ашот Анцәа имчала иԥсы еиқәхеит. Гал араион аҟны Ашот амҩатә машәыр дақәшәоит. Уи иахырҟьаны ихәдаџьал иаиухьаз ахәра аҽарцәгьоит. Иахьа аиара дамоуп, актәи агәыԥ аинвалид ҳәа дыԥхьаӡоуп. Уахи-ҽни Ашот дихылаԥшуеит 20 шықәса зхыҵуа иԥа.

Аибашьра аветеран игәы далоуп Гал аус ицызуаз иҩыза Аслан Ҭырқьба. "Иаргьы сара сеиԥш динвалидуп" ҳәа дқәыԥсычҳауа, ирхыргахьаз арыцҳарақәа игәалаиршәоит. Ашот Атиан иоухьаз аахақәеи, ихәреи ирхырҟьаны агәамбзиарақәа рацәаны имоуп. Илымҳа цқьа иаҳаӡом, агәхашҭра имоуп. Иареи сареи ҳаицәажәонаҵы, зыхьӡқәа игәаламшәаз рацәаҩхеит, уи азы аҭамзаара шьҭаиҵоит.

Ашот Атиан ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.

Схожие новости

#Наименование новостиТональностьИнформативностьДата публикации
1"Ашәарыцага шәақьла Гагра ҭаирцәуан": аибашьҩы Адамыр Хагәышь иҭоурых013.8702-10-2026
2"Аиҩхааҟны дҭадырхеит": Гагра иалаханы иҟаз Аркади Пасаниа иҭоурых011.1901-10-2026
3Аҩӡба еиҭеиҳәеит Урыстәыла аполитикатә ԥсҭазаараҿы Аԥсны абжьы ҵакыс иамоу08.4820-09-2026
4Ахба далацәажәеит аԥхын аԥсшьара аамҭа алагамҭа шымҩаԥысуа атәы0527-06-2026
5Ахба далацәажәеит ҳьынџьуааи ҳареи ҳаимадаразы мҩа ҿыцқәас илхтәу ртәы0521-05-2026
6"Абылтәы иқәҭәаны дырблит": аибашьҩы Витали Ақырҭаа изкны010.5803-10-2026
7"Дышҭахоз ицәа иалашәеит": Анатоли Коркьиа игәалашәара иазкны012.6427-09-2026
8"Иԥҳа дышиз идыраанӡа дҭахеит": Алик Ԥлиа изкны013.2505-10-2026
9Ԥилиа дазааҭгылеит Урыстәыла Аԥсны аҿиараҟны ҭыԥс иааннакыло атәы0512-06-2026
10"Уаҵәашьҭахь иҟалоз - иахьа идыруан": аибашьҩы Роман Коӷониа иҭоурых013.3730-09-2026

Классификация: . Схожих патентов: 0. Схожих новостей: 10. Тональность: 0. Информативность: 11.37. Источник: sputnik-abkhazia.info.