Вход на сайт

Просмотр новости

Найдите то, что Вас интересует

Ихадоу атемақәа Цәыббра 29, 1993 шықәсазы Кәыдрытәи ацҳаҿы еиҧылеит мраҭашәаратәи-мрагыларатәи ...

Дата публикации: 29-09-2026 10:23:39

Ихадоу атемақәа
Цәыббра 29, 1993 шықәсазы Кәыдрытәи ацҳаҿы еиҧылеит мраҭашәаратәи-мрагыларатәи афронтқәа реибашьцәа Аҧсны арбџьармчқәа рырхәҭақәа Гәылрыҧшь араион Маҷара аӡиас аҟны ақырҭуа ир рхырҕәҕәарҭақәа ҧжәаны Бабышьра ақыҭан Аҟәатәи аҳаиртә баҕәаза ааныркылеит. Кәыдры аӡиас ахықәан еиҧылаз ҳаруаа, ақырҭқәа иҟарҵоз аҿагылара иаиааины ҳадгьылқәа рҭарцәра иаҿын. Уи аҽны Аҧсны аруаа рхы иақәиҭыртәит Очамчыра араион ақыҭақәа. Цәыббра 29 ахәылбыҽха ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы иақәиҭтәын Очамчыра араион зегьы.
Нижни Новгородынтәи аделегациа Аҟәаҟа иааит.Аҳҭнықалақь ахадараҿы Аҟәеи Нижни Новгороди рхадацәа Ҭемыр Агрбеи Иури Шалабаеви еиԥылеит.Аҟәеи Нижни Новгороди амуниципалбжьаратә усеицура аҿиаразы амҩатә хсаала ҿыц рнапы аҵарҩит.Аусшәҟәы иарбоуп абарҭ ахырхарҭақәа: атуризм; аҵара; акультура;аспорт; акадртә политика; ауаажәларратә халахатәнапхгара.Амҩатә хсаала иҳәаақәнаҵоит анаҩстәи аусеицура ахырхарҭақәеи иалкаау аусмҩаԥгатәқәеи. Урҭ хәҭа-хәҭала инагӡахоит, иахьынӡаҭаху иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра арҭалоит.
Аԥсны атуризм аминистрра иахәҭаны иҟоу, афинанстәгьы уахь иналаҵаны иарбанызаалак ацхыраара рнаҭоит, ареспубликаҿы рыцҳарыла зыԥсҭазаара иалхыз Амина Бикбова лҭаацәа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа ахада Асҭамыр Логәуа. "Ҳара ҳзы, Аԥсны жәлар зегьы рзы ари трагедиа дуӡӡоуп. Ҳара уи ас ауп ишаҳаԥхьаӡо, лҭаацәа, лҭынхацәа, лгәакьацәа гәалсра дула ҳрыдышшылоит", ҳәа азгәеиҭеит иара.Иара агәрагара ааирԥшит азинхьчаратә усбарҭақәа ишахәҭоу аусҭҵаара шымҩаԥырго, ахара зду дшахьдырхәуа азы.Уажәы Аминистрра иҭахаз аԥҳәызба лани дареи аимадара рыбжьаҵара аҽазнашәоит.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа цәыббра 28 асааҭ 20:00 инаркны украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 129 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Курсктәи, Орловтәи, Смоленсктәи аобластқәеи, иара убас Ҟрыми, Амшын еиқәа инахыкни.
Ашьапылампылтә клуб "Аԥсны" Жәлар ркоманда иацыхәмарраны иҟоуп жьҭаара 3 рзы, Москва. Амедиалига Ахраҿа 6-тәи атур ахәмарра мҩаԥгахоит Cosmos Arena аҿы асааҭ 11: 00 рзы, иааиуа асабшаҽны.5-тәи атур аихшьаалақәа рыла, "Аԥсны" атаблица аҩбатәи ацәаҳәахьы ихаланы, плеи-офф иақәшәеит.Vibe, Синдекат, СКА Ростов рыцыхәмарран "Аԥсны" аҩнтәи ахәмаррақәа хԥа иааирала ихнаркәшеит.
https://abkhazia.news-pravda.com/world/2026/09/29/31576.html

Схожие новости

#Наименование новостиТональностьИнформативностьДата публикации
1Эмоциональная оценка 1990-х годов в России: коллективная память поколений и «эффект Поллианны»013.5311-09-2026
2Belenaya: Белая кофточка014.1829-09-2026
3УРОК (ЛИКБЕЗ)... — ВСЁ что НАМ ДИКТУЕТ СОЗНАТЕЛЬНЫЙ рАЗ(УМ).., по ...05.4729-09-2026
4Пассажирские перевозки из Краснодона. Расписание автобусов из Краснодона. Автобусы и ...014.1628-09-2026
5Пассажирские перевозки из Краснодона. Расписание автобусов из Краснодона. Автобусы и ...014.1627-09-2026
6ПОД ЗЕМЛËЙ ЕСТЬ ОГРОМНЫ ПУСТОТЫ, МОРЯ, ЗЕМЛЯ, ТУННЕЛИ, ГДЕ СВОЯ ...06.0527-09-2026
7Пассажирские перевозки из Краснодона. Расписание автобусов из Краснодона. Автобусы и ...014.1629-09-2026
8All products049.7927-09-2026
9Пассажирские перевозки из Луганска и в Луганск. Расписание автобусов. Резервирование ...015.4426-09-2026

Классификация: . Схожих патентов: 0. Схожих новостей: 9. Тональность: 0. Информативность: 10.83. Источник: vk.com.